ЕгрыГЕС аремонт аамҭа иаахоуп

Астанциа аԥхасҭара аремонт аамҭаан инагӡаны иаанкылахоит. Аусурақәа хыркәшахоит мшаԥымза анҵәамҭазы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт алагара арыцхә ииагоуп ажьырныҳәа 20 ахь. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Михаил Логәуа. Иара иҳәеит жәабранмза агәазы аремонт алагара шазыԥхьагәаҭаз, аха аԥсуа ган аҳәарала арыцхә иаахоуп.

"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҭарҳәеит ЕгрыГЕС аҟны аӡы аҩаӡара шшәарҭоу

ЕгрыГЕС анапхгара ахантәаҩы Леуан Мебониа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иазгәеиҭеит, аремонт лаҵарамзанӡа ианзалымга аӡеизакырҭа ӡыла ишрызмырҭәуа.

Аремонт азы иаркхоит километрабжак ишәарҭоу аҭыԥқәа. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала.

Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк. Иахьазы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит.

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы, ашәарҭадара атехника ишаҳәо ала ес-хәышықәса аҭагылазаашьа ишашьклаԥшлатәу. Уажәы аӡы ахьацәцо азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит. Ари Аԥсны шықәсык ала ахы ианархәо афымцалашараҟынтә 10% артәоит.

ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.

Ашықәсбжьаратә фымцамч аужьра х-миллиардки 700 миллион киловатт ыҟоуп сааҭк ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: