"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҭарҳәеит ЕгрыГЕС аҟны аӡы аҩаӡара шшәарҭоу

© Sputnik / Роберт ДжопуаПлотина Ингур ГЭС
Плотина Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Астанциа агидроагрегат Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аплотинеи аӡеизакырҭеи – Қырҭтәыла.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. ЕгрыГЕС Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ԥхынҷкәын 25-27 рзы иреиҵаӡоу аҩаӡараҟынӡа илаҟәуеит ҳәа "Амшынеиқәафымцамч" изаамҭанытәим аилатәараҿы иҳәеит анаплакы адиспетчертә маҵзура аиҳабы Гурам Џьаџьаиа. Абри атәы ҳәан Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.

Иара иажәақәа рыла, уажәы аӡы ишәарҭоу аҩаӡараҟынӡа илаҟәны иҟоуп.

"Иахьа, ԥхынҷкәын 9 ашьыжь азтәи арбагала аӡы аҩаӡара 443 метра иҟоуп. Ҳара уахыки-ҽнаки рыла ҳхы иаҳархәо 10 миллион киловатт-сааҭ шракәу ала, ԥхынҷкәын 25-27 рзы уи ацәаҳәа иахысуеит. Уи иаанаго ЕгрыГЕС абри аамҭазы иаангылар алшоит ауп", - ҳәа иҳәеит Џьаџьаиа.

Аҟазауаҩ иҳәеит иахьазы Урыстәылатәи алашара ыҟам, аха Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы Урыстәыла аекономика аминистрра идырдыруп.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Аҟәа афымцалашара ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк идырцәалоит

"Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 420 метра рҟынӡа илаҟәыр, урыстәылатәи алашара х-ҳауатә цәаҳәак: 500, 220, 110 киловольт рыла агара ҳақәшәоит. Убасҟан ауп Аԥсны иаҭаххо афымцалашара анҳауа", - иҳәеит Џьаџьаиа.

Иара убасгьы иҳәеит сынтәа афымцамчхархәара 20% ишазҳаз.

Џьаџьаиа иазгәеиҭеит аамҭак азы уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа хынтә алашара аиуразы аԥкрақәа шыҟаз, уажәы уи знык шакәу иандырцәо.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Алашара арцәаразы аграфик ҿыц ахьалагалоу Аҟәа ахәҭақәа арбақәан рҳәеит

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иаабо ҳалагеит уахынлатәии ҽынлатәии ахархәарақәа еибакапануа ишыҟалаз. Аринахысгьы асеиԥш иҟалар, сгәы иаанагоит уахынлагьы аԥкрақәа алагалатәхоит ҳәа", - азгәеиҭеит Џьаџьаиа.

Аилацәажәараҿы анаплакы адиректор хада Михаил Логәуа иҳәеит 60 миллион мааҭ рҟынӡа рымазар шакәу азапастә материал азы, еиҭа аҽа 12-15 миллион шаҭаху АУН ахархәагақәа аӡынаамҭа разырхиаразы. Иааидкыланы 72-75 миллион мааҭ аҭахны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0