Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны аусура иацнаҵоит

Аҟәа иаартыз Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аусура аамҭазы ара рҽырхәышәтәит 342-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. COVID-19 змоу апациентцәа рзы Аҟәа иаартыз Урыстәылатәи хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҳәарала иҵегьы аусура иацнаҵоит ҳәа амаҵзура Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба.

Аҩӡба иазгәеиҭеит амедусзуҩцәа Аԥсныҟа ишаашьҭыз 2021 шықәса ажьырныҳәа 18 рҟынӡа.

"Аха Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳәарала ркомандировка аҿҳәара иацҵахоит",- иҳәеит иара.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы.

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны

Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҿы иаадыртит. Аԥхьатәи апациентцәа аднакылеит жьҭаара 20 рзы.

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь адәынтәи медицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазырхоуп.

Араҟа ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.