Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны

© Foto / Пресс-служба ЮВОРоссийских военных медиков в Абхазии наградили за помощь в борьбе с COVID-19
Российских военных медиков в Абхазии наградили за помощь в борьбе с COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аиҳабы Абдул Магомедов раԥхьа днаргыланы, убас 101-ы урыстәылатәи аҳақьымцәа алкаан аҳаҭыртәи аџьшаратә шәҟәқәеи, адипломқәеи рыла.

АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьқәа рхеидкыла акоронавирус аҿагылараҟны ацхыраара ҟазҵо урыстәылатәи аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аокруг апресс-маҵзура.

"Иҭабуп ҳәа сҳәоит Аԥсны акоронавирус аҿагылараҟны иҟашәҵо ацхырааразы. Есыҽны ари ачымазара шәаиааиуеит. Ҳаҭыр ду ҳзақәуп хацәнымарха, ҟазарыла ацхыраара ахьаашәырԥшуа. Иҭабуп идууӡаны ҳаҭыр ду зқәу аҳақьымцәа", - иҳәеит Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьқәа рхеидкыла аиҳабы Олег Иурченко.

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵоуп жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы.

Аруаа ареспубликахь иааит жьҭаара 19 рзы, иара убри аҽны агоспиталь аусура хацнаркит асааҭ 16:00 рзы, раԥхьатәи апациентцәа аднакылеит жьҭаара 20 рзы.

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь адәынтәи медицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазырхоуп.

Араҟа ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализ ҟаҵагақәа.

Агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0