Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Џьырхәа ақыҭан Ажьиба Иури иҩнаҭаҿы сынтәа имҩаԥыргаз Ажьырныҳәа аҿырԥштәала ари аныҳәа аҽазыҟаҵареи анаҩс уи амҩаԥгашьеи ирыдҳәалоу акәамаҵамақәа ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Арҭ амшқәа рзы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа Ажьырныҳәа мҩаԥыргоит. Традициала ишаԥу еиԥш, џьоукы аныҳәа анақәшәо амза 13 аухазы иныҳәо дыҟоуп, иҟоуп ажьира шәахьеи ԥшьашалеи иаҵагыло. Ҳара зыӡбахә ҳамоу Џьырхәа инхо Ажьиаа рҭаацәараҿы (Ажьиба Золотинск-иԥа Иури иҩнаҭа) аныҳәара мҩаԥыргоит иара анақәшәо аухазы иарбан мшызаалакгьы.

"Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго

Дара рыҩнаҭаҿы абиԥарала ахьи аихеи аус адызулоз ыҟан, урҭ иахьагьы Ажьиреи Ахьиреи ирымҵаныҳәоит, аҩбагьы рымоуп. Ахьира амаа зку аиашьа еиҳабы Анатоли Ажьиба иоуп. Иури иакәзар, хазы анхара даналага, иаҿигаз Ажьира заҵәык ауп, уи ауп дзымҵаныҳәогьы. Ажьырныҳәа ахаҭа амш ааиаанӡагьы уи аҽазыҟаҵарақәа далагоит.

Аҽрыцқьара

Адоуҳатә ҽрыцқьара изныкымкәа аӡбахә ҳҳәахьеит. Ажьырныҳәа аԥыларагьы адоуҳатә ҽрыцқьарала иалагоит. Аԥхьа игылоуп ҳәарада аныҳәаҩ ихаҿы – Ажьира, ма Ахьира амаа зкыу, аҭаацәа, ажәлантә зныҳәо. Аныҳәара мҩаԥызго аҩнаҭа ахаҵа аиҳабы Иури Ажьиба иоуп. Уи Ажьырныҳәа аламҭалаз ӡык наиқәиҭәоит, иҽирыцқьоит, иажәа раӡаны дцәажәоит, арыжәтә аҿы иҽникылоит. Иара ихаҭа иазгәеиҭоит абас: "Абри аныҳәара сагьналагоит, абас акы сакуашәа, сда еилыԥсаауа сааҟалоит, сагьналгоит – иаргьы насхыҵуеит. Ари Ҳаиҳа зымчу иҟынтә иаауа акоуп, дад, уи аныҳәара зегьы ирыхәҭам, иақәнагоу ҳәа иҟоуп", - иҳәоит Иури (Тыка) Ажьиба.

"Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки

Уаҵәуха ныҳәаны еиԥш, иахьагьы рҽыдрыцқьоит, ӡык нарықәырҭәоит Ажьира иаҵагыло аҭаацәа зегьы. Ари аныҳәара иаԥхьанеиуа ихымԥадатәу ритуалуп.

Аҵарԥхьара

Ишдыру еиԥш, аныҳәа ихадароу ашьтәа – аџьма-шьтәа ауп (аханатә шьтәас иҟаз ауаса акәын ҳәа зҳәо аҵарауаа ыҟоуп) – Шьашәы Ахьаҳ Ду ихьӡала, аха иҟоуп ацә, ма аӷаац зшьуагьы. Убас, Жьиаа рҭаацәараҿы аныҳәа аухазы шьтәас иршьуа ацә ауп, иара убас арбаӷьқәа аҭаацәа алахәылацәа рыцыԥхьаӡа – Шьашәы-рбаӷь ҳәа ззырҳәо. Абарҭ изыхныҳәаран иҟоу ашьтәақәагьы аҽрыцқьара иахысуеит.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Ажьырныҳәа ааигәахара хымш-ԥшьымш шагу зшьа карҭәаран иҟоу ашьтәа аҩны иҵадырԥхьоит. Аҵарԥхьара анаҳҳәо, уи иаанаго ашьтәа хазы иҭакны (аҩызцәа ирылаҵаны акәымкәа) ирбоит, акраҿарҵоит. Убасҵәҟьа иҵадырԥхьоит изыхныҳәараны иҟоу арбаӷьқәагьы. Убри алагьы изыхныҳәаран иҟоу ашьтәақәагьы аҽрыцқьара аетап иахысуеит уҳәар ауеит. Ашьтәа ианахныҳәо аламҭалазгьы аҿы ӡык нақәҭәаны ирыӡәӡәоит. "Уажәы абзара уҳарбоит, нас агәи-агәаҵәеи уҳарбоит" ҳәа ражәа иалаҵаны ирҳәоит, аныҳәа ашарԥазы ианныҳәо.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Аныҳәа ахаҭа

Ажьира иаҵагыло зегьы еицны иара аҭыԥ ахь инеиуеит. Аныҳәаҩ ишахәҭоу еиԥш ала дрықәныҳәаны (аныҳәара аимпровизациатә ҟазшьа амоуп, зҽызымԥсахуа ажәақәа шалоугьы) ашьтәа ишьуеит. Нас аҷкәынцәа наицырхырааны ашьтәа ацәа ахырхуеит, ахәҭақәа еиҿыхны ачуан иҭаҵаны иржәуеит.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Убасҵәҟьа хазы арбаӷьқәагьы ҟарҵоит. Егьырҭ аҩнрақәа рҟынтәи аҩн ду ахь иаауа аҭаацәарақәа (Иури иҷкәынцәа, иҭацацәа, имаҭацәа) досу рмарҭхәқәагьы ааргоит: рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәеи, ашылеи, аџьыкхыши, ацәеи. Аныҳәаҩ иара убас ирхиоит ацәашьқәа досу иааргаз рцәашьхәқәа рыла.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Изыхныҳәо зегьы анымазеихалак, ахәылԥаз, ажьира иаҵагыло зегьы еицны ажьирахь инеиуеит. Аныҳәаҩ аԥхьа ашьтәа агәи-агәаҵәеи зхоу ажьраҳаратә-ҵәы изнапык аҿы икны, егьи инапала ацәашьы кны дныҳәоит. Иара абраҟа ихдыртлоит аҭыԥ аҿы иҵоу аҳаԥшьа-ҩы, иара уи аҩы алагьы иныҳәоит.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Иазгәаҭатәуп аҭыԥ ахь ишаарго ашьтәа ацәагьы. Иара дзыхныҳәаз ашьтәа агәи-агәаҵәеи маҷк-маҷк намхны, аҩы нақәҭәаны, аџьыкхыш лақәырҳәҳәы "Ачбеи Чачбеи" ирызку аритуал мҩаԥигоит, нас егьырҭгьы агьама дирбоит. Ацәашьы наганы асаҟәа ашьапаҿы икыдиҵоит.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Анаҩс арбаӷьқәагьы ргәи-ргәаҵәеи араса-ҵәқәа инархаҵаны досу хаҭа-хаҭала изтәу ихьӡ наҳәаны дрықәныҳәоит, досу ицәашьгьы наихигоит, урҭгьы уаҟа ибылуеит. Изыхныҳәо арбаӷьқәагьы рыхқәеи ршьаԥқәеи еиламырҩашьакәа иара уа инаргоит.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Аныҳәаҩ зегьы данрықәныҳәалак ашьҭахь, досу иарбаӷь агәи-агәаҵәеи агьама дирбоит. Уи ашьҭахь ажьира иаҵагылоу зегьы аҳаԥшьа-ҩы рызҭаҭәаны инадиркуеит, урҭгьы "Алԥха-агәыԥха" ҳамаз ҳәа рхы иақәныҳәоит.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Ажьираҿы иныҳәаны ианалгалак, ркәац, рыкәтыжь рыманы аҩныҟа иааиуеит, аҳаԥшьаҩгьы заҟа рҭаху нҭыганы иааргоит. Аҩны ианыныҩнало, аҩнаҭа аҭацацәа (ари Ажьира иаҵагылам) рԥылоит "Алԥха-агәыԥха шәымазааит!" ҳәа иныҳәаныԥхьо. Наҟ-ааҟ еиқәгәырӷьо еибаныҳәоит.

Аҩнаҭа аҭацацәа дара рыҩнраҿгьы ажьира рыманы иҟазар, хазы аҩны аган аҿы, ҵлак амҵан рарбаӷь рыманы инеины рхы иақәныҳәоит. Убас ҟалҵоит Иури иаҳәшьа Лиуда Ажьиба Уаҭҳара аҩнра ҳәа дахьыҟоу. Лара ҵлак ашьапаҿы днеины, ларбаӷь, лчашә, лцәашьы, лҩы наганы лныхахә ахьӡала дныҳәоит. Уи дахьыҟоу аҩны уажәы иныҳәо лыҷкәын аиҳабы шиакәу ала, "бныхахә алԥха бымазааит" ҳәа длықәныҳәоит.

Аҽрыцқьара, аҵарԥхьара, аныҳәара: Ажьиаа рҭаацәара Ажьырныҳәа шымҩаԥыргаз

Абарҭ ақьабзқәа рышьҭахь  зегьы аишәачарахь иниасуеит. Араҟа ихымԥадатәуп иара убас, изыхныҳәаз ашьтәеи арбаӷьқәеи рыбаҩқәа еизганы акы иахьамҟьашьыша ҭыԥк аҿы ижны анышә аҭара. Ари аныҳәара аухашаанӡагьы агәылацәа еиҭанеиааиуеит, еибаныҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: