Ашәба еиҭеиҳәеит ажьира шьҭрала измамыз ишышьҭихуаз атәы
© Sputnik
"Иаҳҳәап, шьҭрала ажьира змам ахаҵа, ишьҭихыр иҭахуп. Иара 40 мшы дыҟазар акәын ажьи иҟны. Уи амаҵаԥа ихьӡын, мыш 40 ажьи ииҳәоз ҟаиҵон. Убри дигәаԥхазар, иикуа-иишьҭуа хыччарак амамкәа, ацәеиха, аҽага аума ҟаиҵозар, убри дидгылазҭгьы, дныҳәаны, ибӷа инапы нкыдшьыланы ацәашьы иркны, "иахьарнахыс уақәиҭуп" ҳәа иеиҳәон", - иҳәеит Ашәба.
Аҵарауаҩ убасгьы еиҭеиҳәеит хазы нхара ицоз ажьира аҟәырҷаха аҿыганы иширҭоз атәы. Иаҳа амч змаз аҩнаҭаҟны иҟаз ажьира ауп, уи аҟны акәын иахьбӷоз ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго
Шьашәы абжьныха ирхылаԥшу аҵалара: Ажьира аҵеи дшаҵарныҳәо