ААУ аԥышәаратә сессиа ахыгоуп акарантин иахҟьаны

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аԥышәаратә сессиа иалагараны иҟан ажьырныҳәа 18 инаркны, иацҵахон жәабранмза алагамҭанӡа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Ажьырныҳәа 25-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны акарантин рылаҳәоуп, иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, абри аҩыза аӡбамҭа аднакылеит аректорат, абри атәы Sputnik иазааицҳаит апресс-маҵзура анапхгаҩы Џьамбул Инџьгьиа.

"Ичмазаҩу маҷҩуп": ААУ аҟны актәи акурсаа рзы аҵаратә процесс хацыркхеит

Инџьгьиа иажәақәа рыла, ашықәс алагамҭазы COVID-19 рзышьақәырӷәӷәан аӡәык-ҩыџьак арҵаҩцәа. Астудентцәа рҟынтә аҿкычымазара ӡәыр рцәа иалу иаламу аилкаара иаҿуп.

2020 шықәсазы атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет анапхгара аҵараиурҭа аҭалара аԥҟарақәа рыԥсахит. ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа иажәақәа рыла, ауниверситет ахь ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркылеит. Аԥышәаратә сессиа ашьҭахь еилкаахоит хәыда-ԥсада аҵара зҵои, аҵара ахә зшәалои.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2021 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа.