Заанаҵы рҽазыҟарҵеит: Аҟәатәи аботаникатә баҳчеи амаамынқәа рпитомники аслеира иазыхиан

Аԥсны иахьаҵанакуа асоура иалагеит ажьырныҳәа 18 ауха. Ари акаршәратә ҭыԥқәа рзы раԥхьатәи соуроуп.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа  19– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аӡынтәи ахьҭақәа амаамынқәа рпитомник аҿы рҽазырхианы иҟан ҳәа лҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз апитомник аҭҵаарадырра-приматологиатә музеи аиҳабы Альдона Салаҟаиаԥҳа.

Салаҟаиаԥҳа: алашара аҟамзаара амаамынқәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит

"Амаамынқәа ахьыҩнаку аҩнқәа аӡынразы иԥхоуп. Аӡынраамҭазы иара убасгьы рыфатә ԥханы ираҳҭоит. Рыҭрақәа еснагь ицқьоуп. Ахылаԥшра бзиа рымоуп", - лҳәеит лара.

Амузеи аиҳабы илҳәеит амаамынқәа реиҳарак ахьҭа ахгара шырцәыцәгьоу.

"Ахәыҷқәа реиԥш ахьҭа иакуеит, ахьҭа рылалоит. Алашара андырцәалак аҩнхәыҷқәа рҿы иаразнакы ихьҭахоит", - лҳәоит Салаҟаиаԥҳа.

Апитомник аҿы 600 инарзынаԥшуа маамын нхоит. Иҟоуп хәызмоу ахкқәагьы– акапуцин, лапундер, иапониатәи амакакақәа уҳәа егьырҭгьы. Ахьҭа аҽанарӷәӷәо дара еиҳа иахьыԥхо аҩбатәии ахԥатәии аихагылақәа рахь ииаргоит.

Заанаҵы рҽазыҟарҵеит: Аҟәатәи аботаникатә баҳчеи амаамынқәа рпитомники аслеира иазыхиан

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аботаникатә баҳча адиректор Едуард Гәбаз еиҭеиҳәеит есышықәса аԥхарра бзиа избо аҵиаақәа иҷыдоу аш ала ишҭарыҳәҳәо.

"Еиҳа аԥхарра зҭаху, аӡҭачы аҟынтәи аҵиаақәа арԥхарҭахь ииаагеит. Урҭ ԥшь-градуск аԥхарра еиҵахар, иԥсуеит. Убри азы аӡын аамҭа зегьы ҳәа иҳәоит адиректор.

"Асы аҵламахәқәа хнамыжәжәарц  азы иуашәшәыроу ҿаҳҳәоит, аҵыргәақәа раҳҭоит", - иҳәоит Гәбаз.

Заанаҵы рҽазыҟарҵеит: Аҟәатәи аботаникатә баҳчеи амаамынқәа рпитомники аслеира иазыхиан

Есышықәса Аботаникатә баҳчаҿы иҭарыҳәҳәоит 50 ҵиаа. Уи адагьы  ачықьқәа хдырҟәыдаауеит, агәаӷь илҵуа арԥхарҭахь инаргоит.

Амаамынқәа рпитомник 1927 шықәса рзы иаартын Николаи Семашко зхадараҿы дыҟаз аҵарауаа раԥшьгарала. Аԥхьатәи аԥышәатә усурақәа мҩаԥган 1920-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы.

Аҟәатәи аботаникатә баҳча — адунеи аҿы реиҳа зықәра дуу аботаникатә баҳчақәа иреиуоуп. Ахы ыҵнахуеит XIX ашәышықәсазы.

Ара иуԥылоит еснагь ииаҵәоу, зыбӷьы камԥсо аекзотикатә ҵлақәа, ачықьқәа, аҵиаақәа, ашәҭқәа. Абаҳча абазала 1994 шықәса раахыс аус ауеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу аботаника Аинститут. Аботаникатә баҳча аҵакыра хә-гектарк инаӡоит, ара иуԥылоит хнызқь рҟынӡа ҵиаахкы.