Аԥсны атуризм аминистрра ҳтәыла атуристтә бренд аус адуларазы аицлабра еихнашьалоит

Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аицлабраҿ иалнакааит ԥхынҷкәын 28 рзы жәа-макетк. Дара аминистрра асаит аҿы иқәыргылан.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра ҳтәыла атуристтә бренд аус адуларазы аицлабра абжьаратә еихшьалақәа мҩаԥнагоит ҳәа аанацҳауеит аминистрра асаит.

Урҭ рҟынтәи аминистрра асаит аҿы имҩаԥгаз абжьыҭарала жәаба алкаан.

Ажьырныҳәа 20 асааҭ 21:00 рзы абжьыҭара аанкылахоит. Уи аихшьаалақәа рыла иалххоит х-усумҭак, урҭ нас егьи аетап ахь ииасуеит.

Аԥшьбатәи аетап аан аицлабратә комиссиа аусурақәа мҩаԥнагоит.

Афинал мҩаԥгахоит ажьырныҳәа 22 рзы. Аиааира игоит абжьеиҳа зауз автор, иагьианашьахоит 50 000 мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: