Ажьырныҳәа 19 рзы "Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны афымцалашара ауааԥсыра рзынашьҭраан аԥкырақәа аланагалеит аенергосистема анырра ду иаиуа инадҳәаланы.
Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Иуадаҩу аҭагылазаашьа
Ареспубликаҿы аенергетика аусхк ауадаҩрақәа ирҭагылоуп. Акоронавирустә ҭагылазаашьа ари аус еиҳагьы угәы ааканажьыртә ауадаҩрақәа ацнаҵоит ҳәа иҳәоит Аекономикеи азини ринститут аусзуҩ Ахра Арсҭаа.
Иара игәаанагарала аенергетика аусхк астратегиатә ҟазшьа иамоу адагьы, амилаҭтә шәарҭадара азҵаара иадҳәалоуп, убри азы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара амҩаԥгара хымԥадатәиуп.
Ахра Арсҭаа игәаанагарала, аенергетика аганахьала акризис алҵразы арадикалтә уснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп, уи азы азакәанԥҵараҿы ахьчагатә механизмқәа азԥхьагәаҭаны. Абри аан акәхоит ареспублика ауааԥсыра ринтересқәа рыхьчара анзалыршахо.
"Иҟоуп адунеитә практика, ажәлар ирхатәу афымцалашара зӷьычуа ауаҩы дыҟазар, Ашьаустә закәанеидкылаҿы аԥсахрақәа алагаланы азинмчратә структурақәа азинмч ҷыда рыҭатәуп", - ҳәа иҳәоит иара.
Аенергетика апроблемақәа амаинерцәа рымацара ракәым изхароу. Закәаншьаҭада афымцацәаҳәа аҽаԥшьра уажә иҳамбеит. Уажәы, Аԥсны алашара Урыстәылантәи ианаиуа, уи аԥара ду анахшәаатәу, ари азҵаара иҵегьы иҵарны иқәгылоит ҳәа иҳәоит Арсҭаа.
800 миллион киловатт-сааҭ Аԥсны иазаашьҭхоит (ахәԥса 2,7 мааҭ киловатт – сааҭк азы), ари ҩ- миллиардки 160 миллион мааҭ итәоит. Аԥсназы ари ԥара дууп. Ус анакәха, иалшо зегь ҟаҵалатәуп аекономиазы ҳәа азгәеиҭоит Аекономикеи азини ринститут аусзуҩ Ахра Арсҭаа.
"Ашәарҭадаратә хеилак еизгатәуп. Азҵаара ықәыргылатәуп. Сгәы иаанагоит адепутатцәагьы азакәан дырӷәӷәап ҳәа. Абанк андырҳәуа азакәан иҟанаҵаша адыруеит, "Амшынеиқәафымцамч" андырҳәуа акгьы аанамгаӡо иҟоуп. Инеит, иаҿырхит, ицеит. Уаҳа зинмчыс ирымоуи?" - ҳәа иҳәоит иара.
Иуҭаххар, аенергетика азҵаара аамҭа ақәмырӡыкәа аӡбра алшоит. Уажәазы ихадароу - азакәанԥҵаратәии анагаӡаратәии амчрахәҭақәа русеицуроуп ҳәа иҳәоит Арсҭаа.
Апроблемақәа еснагь аҭыԥ рыман
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иазгәеиҭеит аенергетика аусхк аҟны апроблемақәа еснагь ишыҟаз, аха амаинерцәа русура ашьҭахь урҭ еиҳагьы ишыцәгахаз.
"Азинхьчаратә усбарҭақәеи "Амшынеиқәафымцамчи" иахьатәи аҭагылазаашьаҿы еиҳа рыҽдырӷәӷәароуп", - ҳәа иҳәоит иара.
Шамба иажәақәа рыла, алашара арцәара афымцацәаҳәақәа руашәшәырареи уи иахҟьо авариақәеи ирыдҳәалоуп. Убри аан аенергетика аусхк амаҵзуҩцәа уахи-ҽни неиԥшьны рнапынҵақәа нарыгӡоит.
ЕгрыГЕС аремонттә усурақәа иахьрылагаз инамаданы Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымцалашара ахәԥса ахшәаатәхоит. Ус анакәха, Аинвестициатә программаҿы иарбаз апроектқәа жәпакы ркьаҿтәхоит ҳәа азгәеиҭоит Шамба.
"Акриптовалиута аиуразы афермақәа зегьы азакәан, еиуеиԥшым аусԥҟақәа ирҿагыланы ауп аус шыруа. Ҳара Ашәарҭадаратә хеилак аҿы аусԥҟа ҳадаҳкылом, аха иазаҳаԥхьаӡоит амаинерцәа рганахьала еиҳа иџьбароу ауснагӡатәқәа рыдкылара ахәҭоуп ҳәа", - иҳәоит Сергеи Шамба.
Гәаанагарас иҟоузеи Апарламент аҿы
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа иҟоу апроблема далацәажәо, иҳәеит атәыла ауааԥсыра зегьы реиԥш, адепутатцәагьы уи гәҭынчымра шрызцәырнаго.
"Апроблема акыр иҵаулоуп ауаажәлар рзы акыр ишәарҭоуп. Ишабалак узызныҟәо акакәым. Ареспубликагьы фымцамчыда ҿиашьа шамам еилкаауп", - ҳәа иҳәеит иара.
Кәарҷиа игәаанагарала амаинерцәа рыхьӡ ҳәатәуп, афермақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа цәыргатәуп.
"Ауааԥсыра лашарада зымшала еилатәоу зусҭцәоу рдыруазароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Амаинерцәа аԥхьа аусура азин ҳарҭеит, нас иҳамырхит, ҳара ахарџь ҳамоуп ҳәа ирҳәо атәы дазааҭгыло Валери Кәарҷиа иазиԥхьаӡоит ари аус аиҳабыра аусзуҩцәа алахәуп ҳәа.
"Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар изныкымкәа иҳәахьеит амаининг иалахәызар ҟалоит адепутатцәа, аминистрцәа ҳәа. Убри азоуп апроблема зыӡбам", - ҳәа иҳәоит Кәарҷиа.
Адепутат Илиа Гәниа иазгәеиҭеит амаининг азы иалагалоу аԥкрақәа уаҩ дышрықәымныҟәо.
"Аҭааагылазаашьа ҳашзазымиааиуа аабоит. "Амшынеиқәафымцамч" знапаҵаҟа иҟоу Аминистрцәа реилазаара азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭақәа рзин амоуп, ажәалагалақәа ҟанаҵар алшоит", - иҳәоит апарламентари.
Илиа Гәниа дақәшаҳаҭуп закәаншьаҭада афымцацәаҳәа зҽаԥызшьуа ашьаус иақәыршәара.
Ажьырныҳәа 20 рзы аремонт азы иаанкылоуп ЕгрыГЕС. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк. Иахьазы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аинтернет аҿы аамҭалатәи аԥкрақәа заларгалаз, уи аус шауло атәы иалацәажәеит
Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭобиектқәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ҟанаҵом
ЕгрыГЕС аанкылоуп атоннель аремонт азуразы