Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы Урыстәылантәи иаауа афымцалашара

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРегионы России. Крым
Регионы России. Крым  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьатәи аамҭазы есыҽны ахы ианархәо афымцамч 10,5 миллион киловатт сааҭ ыҟоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы урыстәылантәи иаауа 800 миллион киловатт сааҭ афымцалашара ҳәа иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо.

Афымцалашара азымхара мзызны иамоу ареспубликаҿы иара ахархәара ҳарак ауп.

Иахьазы Аԥсны Аҳәынҭқарра есыҽны ахы ианархәоит 10,5 миллион киловатт сааҭ. Аенергетикцәа изларԥхьаӡаз ала, ЕгрыГЕС аремонт хыркәшахаанӡа Аԥсны ианеиҵаха 950 миллион киловатт сааҭ аҭахуп ҳәа иҳәеит Логәуа.

"Ҳара иахьа ҳамчқәа зегьы еизаҳамкыр, афымцалашара аекономиа ҳазымхәыцыр, адефицит ҳзацәцом. Иазԥхьагәаҭаз 800 миллион киловатт сааҭ ҳазхаӡом", - ҳәа иҳәеит Михаил Логәуа.

Иара убасгьы иҳәеит алашара арцәара зыхҟьо ацәаҳәақәа аидара ахьырзышьҭымхуа ауп ҳәа.

"Џьара ҿыцк аҳаӡбар ауп. Уи акыр ихьанҭахашт, аха сеигәыӷуеит аилкаара ааҳарԥшып ҳәа. Алашара ырцәо ҳара астанциа маҷқәа еиқәҳархоит. Ус анакәымха, "Аҟәа-1" иҟаз еиҭаҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ингурская ГЭС - Sputnik Аҧсны
ЕгрыГЕС аанкылоуп атоннель аремонт азуразы

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Михаил Логәуа уаанӡа иҳәахьан, иахьанӡа ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара шроуаз Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гагра араионқәа. Ахаша, асааҭ 11:00 рзы урыстәылатәи аҟазауаа арҭ араионқәа урыстәылатәи афымцамчхара иаҵадыркит. Аԥсны егьырҭ араионқәа Урыстәылантәи афымцалашара роуа иалагахьан 2020 шықәса ԥхынҷкәын 11 инаркны.

Ажьырныҳәа 20 рзы аремонт азы иаанкылоуп ЕгрыГЕС. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк. Иахьазы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0