Бжьаниа Аԥсны аенергетика аусхк аҟны узыцәшәаша аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит ахәаша ажьырныҳәа 22 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аенергетика аусхк аҟны узыцәшәаша аҭагылазаашьа ҷыда ыҟоуп ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә ҭагылазаашьазы аилацәажәараҿы.

Атәыла ахада афымцамч ахархәараз арбагақәа ааигеит. Урҭ инарықәыршәаны, 2020 шықәса рзы иҟаз ахархәара 2019 шықәсатәи ахархәара иаҿырԥшны 21 процент еиҳахеит.

Ахада иҳәеит араионқәа рҿы ишаԥҵахо аштабқәа, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра ишазырхахо. Апроблема ӡбамхар, акадртә еиҭакрақәа мҩаԥгатәхоит ҳәа иҳәеит иара.

Аԥхьатәи алҵшәақәа мчыбжьык иахымгакәа иҟалароуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.

Бжьаниа Аԥсны аенергетика аусхк аҟны узыцәшәаша аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

Иара иҳәеит Апарламент ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара шымҩаԥгаз амаинерцәа рганахьала ахараԥсақәеи ашьаус ҭакԥхықәрақәеи ралагаларазы.

Аилацәажәара иалахәын Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: