Бжьаниа: аенергетикцәа имҩаԥырго аус азакәаншьаҭа аиуеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи аилацәажәара рыман закәаншьаҭада афымцамч ахархәареи, ареспубликаҿы амаинингтә фермақәа рзакәаншьаҭада русуреи рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Апарламент ахь инеишьҭит амаининг хархәагақәа рымхреи, закәаншьаҭада рхархәараз ашьаус аартреи рзы азакәан апроект. Абри атәы иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи иареи реилацәажәараан.

Бжьаниа: аенергетикцәа имҩаԥырго аус азакәаншьаҭа аиуеит

Атәыла ахада иҳәеит уажәшьҭарнахыс аенергетикцәа имҩаԥырго аусура абри аганахь ала азакәан шьаҭаны ишаиуа.

"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа иҳәеит, ажьырныҳәа 26 азтәи рдыррақәа рыла, ареспубликаҿы афымцамч ахархәара аиҵахарахьы ишнеиуа. "Амшынеиқәафымцамч " аҟазауаа ҩымш рыҩныҵҟа 50 мегаватт рҟынӡа зымчхара наӡо афермақәа аҿырхит.

"Ари тенденциа бзиоуп, аха иҟоуп ашәарҭа аусура асистематә ҟазшьа амоур, еиҭахгьы аиҭаԥшьрақәа ҟалоит ҳәа", - иҳәеит иара.

Логәуа иажәақәа рыла иахьазы уахыки-ҽнаки афымцамч ахархәара 9,8 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Ари ҵыԥхтәи ашықәс азтәи ахархәара еиҳауп.

Бжьаниа иазгәеиҭеит ауаажәларраҿы афымцамч ахархәара зеиҵахаз аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәароуп изыхҟьо ҳәа агәаанагара шыҟоу. Логәуа уи аҭакс иҳәеит ареспубликаҿы афымцалашара андырцәо ацәаҳәақәа рҿы ахьанҭара аныҳаракхо шакәу.

Аслан Бжьаниа иҳәеит ахәаша, ажьырныҳәа 29 араионқәа рҟны акадыртә зҵаарақәа рымҩаԥгараз амш "X" шакәу. Иара Михаил Логәуа диҳәеит араионқәа рҟынтәи ироуа адыррақәа араионқәа рхадацәа ақәыршаҳаҭзарц, избанзар "ари аус азы аҭакԥхықәра хаҭалатәуп".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: