Гәдоуҭа араионтә еизара адепутатцәа Боџьгәуа араион ахадас дшьақәыдмырӷәӷәеит

Баграт Боџьгәуа Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дҟаҵан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала 2020 шықәса, лаҵарамзазы. Боџьгәуа ари аҭыԥ аҿы диԥсахит Руслан Ладариа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араионтә еизара адепутатцәа Боџьгәуа араион ахадас дшьақәыдмырӷәӷәеит. Уи азы бжьык игхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә еизара ахантәаҩы Роман Базба.

"Иахьа араион ахада ишьақәырӷәӷәараз азҵаара ҳаӡбон. Баграт Боџьгәуа изы 25-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 14-ҩык рыбжьы ирҭеит, уи ахыԥхьаӡара азымхеит, избанзар зынӡа 29-ҩык адепутатцәа ыҟоуп. Ианеиҵаха 15-ҩык иара изы рыбжьы рҭир акәын", - иҳәеит иара.

Базба иҳәеит апроцедура инақәыршәаны атәыла ахада азин имоуп 30 мшы рыҩныҵҟа аҽазныкгьы Боџьгәуа икандидатура адепутатцәа ирыдигалар шауа, мамзаргьы аҽа кандидатурак рыдигалар шауа.

Баграт Боџьгәуа Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дҟаҵан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала 2020 шықәса, лаҵарамзазы. Боџьгәуа ари аҭыԥ аҿы диԥсахит Руслан Ладариа.

Гәдоуҭа ахада инапынҵақәа наигӡалоит Баграт Боџьгәуа

Боџьгәуа Баграт Фазлыбеи-иԥа диит нанҳәа 3 1973 шықәсазы, Аԥснытәи АССР, Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭан.

1991 шықәсазы Москватәи аҳәынҭқарратә социалтә университет дҭалеит.

1992 шықәса, нанҳәамзазы Аԥсныҟа дхынҳәит. 1992-1993 шықәсқәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра аҳәаахьчаратә ар дрылахәын.

2002 шықәса рзы ауниверситет далгеит.

2003 - 2005 шықәсқәа рзы – Гәдоуҭа араион ахадара асоциалтә еиқәыршәара аҟәша аҟазауаҩ нага.

2005 шықәсазы - Гәдоуҭа араион ахадара асоциалтә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы.