Аслан Бжьаниа аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" даҭааит

Асабша ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Аслан Бжьаниа даҭааит Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы усутә ныҟәарала дахьцаз.

Уахыки-ҽнаки рыла астанциа 40 мегаватт афымцамч аанашьҭуеит. "ГЕС-1" абассеин аӡиасқәеи ЕгрыГЕС аҟынтәи арахь ҷыдала иаашьҭу аканал ала иаауа аӡи рыла ихаҭәаауеит.

Уаанӡа ари астанциа иаанашьҭуаз афымцамч Аԥсныҟа еиԥш, Қырҭтәылаҟагьы ицон. Иахьатәи аамҭазы "ГЕС-1" Аԥсны мацароуп фымцалашара еиқәнаршәо, Қырҭтәылаҟа афымцалашара злацоз аканалқәа аҿыхуп.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Атәыла ахада иара убас даҭааит аӡхыҽҽатә станциа амашьынатә залгьы, ароуп афымцамч аиуразы агенераторқәа аус ахьыруа. Аслан Бжьаниа урҭ русушьа асхема атәы дазҵааит.

"ГЕС-1" абассеин - Галтәи аӡеизакырҭа ауп, иара ахьдуу азы аҭыԥантәи ауааԥсыра амшын ҳәа ахьӡырҵеит. Асовет аамҭақәа раан ара аӡырҳәыԥныҟәцаҩцәа (баидарочники - аред.) аолимпиатә хәмаррақәа рзы рҽазыҟарҵон, иара убас 250, 500, 1000 метра иҟоу аиндаҭларақәа рзы СССР ачемпионатқәа мҩаԥысуан. Ара аҽазыҟаҵарақәа зегьы иреиӷьын, избанзар ашьхантәи иӡыҭны иаауаз арҩашқәа ари аӡеизакырҭаҿы зладырҭәуаз ала, уи аӡы еиҳа ихьанҭан аицлабрақәа раан рхы иадырхәоз аасҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: