Бжьаниа Очамчыра араионтә штаб алахәылацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik Очамчира
Очамчира  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иацы араионқәа зегьы рхадацәа Аԥсны ахада иҿаԥхьа афымцамч изакәанымкәа ахархәара ахылаԥшразы иаԥҵаз аоперштабқәа русура алҵшәақәа еихыршьалеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы усутә ныҟәарала дцеит афымцамч изакәанымкәа ахархәара аԥырҟәҟәаареи акриптовалиута аиуразы аппаратқәа раҿыхреи рзы аусурақәа шцо агәаҭаразы.

Майнинг  - Sputnik Аҧсны
Араионтә штабқәа амаининг аҿагыларазы мчыбжьыктәи русура ахада иҿаԥхьа еихыршьалеит

Бжьаниа даҭааит Очамчыра араион, уа араион ахада Станислав Амҷбеи, амилициа араионтә аҟәша аиҳаби, "Амшынеиқәафымцамч" афилиал ахаҭарнаки дырԥылеит.

Араион ахада иазгәеиҭеит ажьырныҳәа 29 рзы ақыҭақәа Баслахә, Акәасқьа, Гәыԥ рҿы афермақәа шаҿыхыз. Бжьаниа еизигаз ргәырҽаниҵеит Апарламент ахь инаишьҭыз амаининг изакәанымкәа ахархәара ҭышәынзыртәало азакәан апроект рыдыркылар, уи азы ауаа адырра шрыҭатәу, зфермақәа аҿыхыз ҿыц иаҿаркыр, уи азы аҭакԥхықәра ишақәыршәахо.

"Дарбанзаалак идыруазароуп изыԥшу, нас ҳара гәыбӷан аӡәгьы иҳаимҭарц азы, ҳара аӡәгьы дҳаршәаӡом", иҳәеит атәыла ахада.

Иҳаҩсыз ахәаша ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа араионқәа рҟны амаининг изакәанымкәа ахархәара аҿагыларазы аоперативтә штабқәа аԥҵазарц адҵа ҟаиҵеит. Урҭ аштабқәа реилазаара иалоуп араион ахада (аштаб анапхгаҩы), амилициа аҟәша аиҳабы, апрокурор, аенергетик.

Мчыбжьык иалагӡаны араионқәа рҟны афымцамч ахархәара лаҟәымхар, араионқәа рхадацәа, амилициа аҟәшақәа реиҳабацәа, апрокурорцәа, аенергетикцәа - зегьы лахь рыҭахоит, иааиуа ашәахьаҽны - русура иамххоит иҳәеит усҟан ахада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0