Аԥсны ахада Тҟәарчалтәи астанциа маҷ аусушьа гәеиҭеит

Асабша ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даҭааит уаанӡатәи Тҟәарчалтә ГРЕС, аброуп иахьыиасуа аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара".

Логәуа: авольтҳарак цәаҳәа Аҽгәара аремонт Егрынтәи иаауа афымцалашара апроблема аӡбуеит

Иахьатәи аамҭазы 125 мегаватт афымцамч аазышьҭуа Тҟәарчалтәи астанциа маҷ Тҟәарчал араион заҵәык ауп фымцамчла еиқәнаршәо. Ара аус зуа трансформатор заҵәык ауп, уи иаарласны аремонт азутәуп, уи зыԥсахуа ҳәа даҽа маругак ара ахаан иҟамызт.

Атрансформатор ҿыц аахәареи уи ашьақәыргылареи рыхәԥса 150 миллион мааҭ артәоит, уи анԥхасҭаха араион зегьы фымцалашарада иаанхоит.

Тҟәарчал араион азы аус зуа атрансформатор шьақәыргылан 1985 шықәсазы.

Асабша ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы. Иахьа сааҭқәак раԥхьа иара Очамчыра амаининг аҿагыларазы иаԥҵоу аштаб алахәылацәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит, анаҩс игәеиҭеит астанциа "ГЕС-1".