"Аԥстәқәа аӡын аамҭазы ҭыԥк-ҭыԥк ылхны рҽыԥхьаркуан. Абылра иахҟьаны дара рҭыԥқәа ирыхцан. Иахьӡаз цеит, аха иахьымӡакәа иалаблызгьы ыҟоуп. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны абылра зԥырхагахаз аԥстәқәа рацәоуп. Адгьыл иҟоу ахәаҷа-маҷақәа, адгьыл аԥсылара азҭо, хымԥада абылрақәа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы шьаҭанкыла иалаблит, иԥсит. Урҭ аҭыԥқәа рҿы аамҭаказы акгьы ҟалараны иҟаӡам, аҳаскьын заауам, ҵла згылом, жәабаҟа-жәохә шықәса инарзынаԥшуа. Аҵиаақәа рхаҭақәа ракәзар, урҭ уажәааны рыжәлақәа каԥсахьан, ма ирҿан. Абылраан адгьыл иқәыԥсаз ажәлақәа зегьы алаблит, иара аҵиаақәа рхаҭақәагьы ааха рыҭоуп. Абылра ашьҭахьтәи агәаҭаратә усурақәа рымҩаԥгара унадыххылан иузыҟаҵом. Ҳаспециалистцәа неихьеит, ирбахьеит, аха алкаа ашьақәыргылараҟынӡа макьана ҳамнеицт. Ари ус дууп, аҵарауаа адгалан имҩаԥгатәуп", – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Абнақәа рымцакра азԥхьагәаҭаразы Аԥсны аусбарҭабжьаратә гәыԥ аԥырҵараны иҟоуп