Аԥсны афымцамч ахархәара лаҟәит 400 мегаватт рҟынӡа

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла афымцамчтә кризис азҵаарақәа ирызку аилацәажәараҟны адҵа ҟаиҵеит афымцамч ахархәара ладырҟәырц 2019 шықәсазтәи арбагақәа даҽа хә-процентк ацны рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа афымцамч ахархәара лаҟәит 400 мегаватт рҟынӡа уахыки-ҽнаки рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Зураб Багаԥшь.

Араионтә штабқәа амаининг аҿагыларазы мчыбжьыктәи русура ахада иҿаԥхьа еихыршьалеит

Иара иажәақәа рыла, араионқәа роперштабқәа ареидқәа рымҩаԥгара иалагаанӡа афымцамч иаҳа ахархәара аныҳаракыз 475-480 мегаватт рҟынӡа иҩаӡон.

"Абасҵәҟьа афымцамчхархәара ҳаракны уаанӡа ахаан иҟамлацызт", - иҳәеит иара.

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла афымцамчтә кризис азҵаарақәа ирызку аилацәажәараҟны адҵа ҟаиҵеит афымцамч ахархәара ладырҟәырц 2019 шықәсазтәи арбагақәа даҽа хә-процентк ацны рҟынӡа. Багаԥшь иажәақәа рыла, хара имгакәа "Амшынеиқәафымцамч" афымцамчхархәара процентла еиҿырԥшны анализ ҟарҵараны иҟоуп.