Арадио

Џьынџьал Тҟәарчал ашахтақәа аус аныруаз аамҭазы: ақалақь аԥсҭазаашьа бзиан, ауаа рацәан

75 шықәса раԥхьа уажәааны Тҟәарчал иаатит арацәаҵхырҭа аҩбатәи ашахта. Актәи аусура иалагахьан 1935 шықәса рзы. Акыр шықәса ашахҭақәа рҿы аус зухьаз Анатоли Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчал арацәа аныҵырхуаз аамҭазы ақалақь аԥсҭазаашьа зеиԥшраз.
Sputnik
Џьынџьал Тҟәарчал ашахтақәа аус аныруаз аамҭазы: ақалақь аԥсҭазаашьа бзиан, ауаа рацәан

"Арацәа асоветтә ҳәынҭқарраан ахьы еиқәаҵәа ҳәа иашьҭан. Даара азҿлымҳара арҭон, избанзар арацәада аџыр узырҭәомызт, аҩнқәа узырԥхомызт. Усҟан арацәа ахархәара бзиа аман. Сара Тҟәарчал сҵара салган сааит 1981 шықәса рзы. Усҟан ақалақь аԥсҭазаашьа бзиан. Ауаа рацәан. Сара афбатәи ашахтахь аусура срышьҭит. Усҟантәи аамҭаз имаҷын аԥсуа специалистцәа ашахтақәа рҿы аус зуаз. Аус зуаз ракәзар, зегьы ауалафахәы бзиа роуан, ибзиан инхон. 80-тәи ашықәсақәа рзы Тҟәарчал аус руан быжь-шахтак. Усҟан ара иҵырхуан миллионки бжаки арацәа. Актәи ашахта аноурыжь аамҭазы аибашьра ыҟан. Донбасс аркын. Уаантә ашахтиорцәа Тҟәарчал иааган. Аибашьра анеилга ашьҭахь ҳрацәа Урыстәылаҟа, Украинаҟа иргон. Усҟан аҳәаақәа ыҟамызт. Ашахта аиҳабы иҵихуаз иахьыҭиуа атәы дазхәыцуамызт. Иара идыз аплан наигӡар акәын", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: