Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьал еиҭеиҳәеит Тҟәарчалтәи ашахта аҭоурых

© Foto / предоставлено Анатолием ДжинджолияАнатолий Джинджолия
Анатолий Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза акы 1934 шықәса рзы аусура иалагеит Тҟәарчалтәи актәи ашахта. Аҳәынҭқарратә наплакы "Тҟәарчалтәи ашахтақәа русубарҭа" аиҳабы Анатоли Џьынџьал арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ари ахҭыс шыҟалаз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьал Тҟәарчалтәи ашахта аусура ахацыркра иазкны

"Тҟәарчалтәи ашахҭақәа рҭоурых иалагеит 1920-тәи ашықәсқәа рзы. Аԥсуаа ашьха ианцоз зны арацәа рбеит, амца ианақәырҵа, абылра иалагеит, ас еиԥш ианырба, Ленинграднтәи агеолог, апрофессор Мокрински ҳәа иҟаз даарышьҭит. Усҟан иара арацәа ахьыҵоу аҭыԥқәа иԥшаауан, иара урҭ ф-хәҭакны ишеит. Аԥхьатәи ашахта аартхеит 1934 шықәса рзы, иара апроект ала шықәсык ианаҭар акәын 250 нызқь тонна арацәа. Ашахта аус аур акәын 25 шықәса инареиҵамкәа. Усҟан акәын иара аҭҵаареи аартреи иахҭынҵаз аԥара аныҭнагоз. Ари ашахта аартра иабзоураны анаҩс иргылан Очамчыратәи амшынтә баӷәазагьы. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан Донецктәи арацәаҵхырҭа аусура анааныркыла, иреиӷьыз уи аусзуҩцәа Тҟәарчалҟа иаарышьҭын, ара аус руан. Амшын еиқәа ирхыз аӷбақәа рзы арацәа ыҵырхуан. Аԥснынтәи акәын арацәа шроуаз усҟан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьал.

Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиоподкаст аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0