Арадио

Аҳәба Агәы-Бедиа ибгаз амҩазы: адгьыл ахьҳәазаз ала амҩа аҟаҵара аҭагылазаашьа амам

Адгьылхархәареи акадастри рзы аусбарҭа аиҳабы Адамыр Аҳәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион, Агәы-Бедиа ақыҭаҟны ибгаз амҩа аҭагылазаашьа атәы.
Sputnik
Аҳәба Агәы-Бедиа ибгаз амҩазы: адгьыл ахьҳәазаз ала амҩа аҟаҵара аҭагылазаашьа амам

"Аԥыза министр идҵала ҳцеит, ҳахәаԥшит иҟоу аҭагылазаашьа. Жәа-гектарк адгьыл бганы иҿпны аара иаҿуп, макьана аҵыхәанӡа имтәаӡацт. Амҩа аиҭашьақәыргылара ишыҟаз ала иамур ҟалап. Амҩа даҽаџьара аԥҟара ақәшәоит ҳәа ҳахәаԥшуеит, амҩа даара иҳәазеит. Ари аԥсабара иарҿиаз усуп. Иаалырҟьаны аус арҽеиразы ак ҟасҵоит ҳәа уалагаргьы иалҵӡом. Апроект ҟаҵатәуп, иҭҵаатәуп. Уналаԥалан иузыҟаҵаӡом. Аӡы ииагатәхар, ацҳақәа хҵатәхоит. Хыхьла иаауа аӡқәа ииагазар, адгьыл аҳәазара иаҳа иаангылоит. Аӡыхьқәа ыҵыҵуеит, урҭ дара рхаҭақәа ацарҭақәа рыԥшаауеит, адгьыл ҷҷаны иахьыҟоу ибжьалоит, иаӡәӡәоит. Адгьылҵысреи аӡи роуп адгьыл ҳәазара зыхҟьо", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҳәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: