Тҟәарчал араион аҿы адгьылқәа ахьыҳәазаз аҭагылазаашьа еиҳа еицәахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОбвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района
Обвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа. Аҭаацәарақәа ҩба хыҵакырҭада иаанхеит.

АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Тҟәарчал араион ақыҭақәеи ақалақьи еимаздо амҩа еиҳагьы иҭабгеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Бедиа ду ақыҭа ахада Џьумбер Харчлаа.

"Аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит. Амҩа шьапылаҵәҟьагьы узанымсыртә иҟоуп. Ишәарҭахеит. Аҿҟьара ахьыҟоу иаанхаз амҩагьы леир ауеит. Адгьыл ҳәазо аӡиас аҟынӡа инеихьеит. Аӡышьҭра акыр ауеит", - ҳәа иҳәеит Харчлаа.

Иара ишиҳәо ала, есҽны аӡымҩангага аремонт азырураны иҟоуп. Макьаназы рхатәы мчқәа рыла иаҿуп. Ақыҭауаа ӡыла еиԥымҟьацт. Харчлаа иҳәеит иахәҭоу ашәҟәқәа аиҳабыра рахь ишынашьҭу.

Тҟәарчал иаҿыгахеит: Бедиатәи амҩа ҭабгеит адгьылҳәазара иахҟьаны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Тҟәарчал иаҿыгахеит: Бедиатәи амҩа ҭабгеит адгьылҳәазара иахҟьаны

"Џьара ак ҳзыӡбозар акәхап, аха уи аныҟало ҳаздыруам. Ауаа мҩада иаанхеит, убри аан амҩа аамҭа кьаҿк иалагӡаны аҟаҵара шалымшо еилкаауп", - ҳәа азгәеиҭеит Харчлаа.

Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.

Уажәы агеологцәа иҟалаз ахҭыс мзызс иамоу аҭҵаара иаҿуп, усутәқәас иҟоу шьақәдыргылоит. Макьана амҩа аиҭашьақәыргылара иаҭаху ахарџь рзышьақәыргылом. Аамҭала амҩа авгарагьы ауоу иамуоу азҵаара рыӡбоит. Арҭ аҭыԥқәа рҿы адгьыл аҷыдарақәа иамоу ҳасаб азуны аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0