Арадио

Харчлаа адгьыл аҳәазара Бедиа инхара ианаҭаз аԥхасҭазы: ҳабацәа рҭыԥ аанҳажьыр акәхоит

Тҟәарчал араион Бедиа ақыҭан инхо Омар Харчлаа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит адгьыл аҳәазара инаҭаз аԥхасҭа атәы.
Sputnik
Харчлаа адгьыл аҳәазара Бедиа инхара ианаҭаз аԥхасҭазы: ҳабацәа рҭыԥ аанҳажьыр акәхоит

"Даараӡа ицәгьоуп аусқәа. Километрак инеиҳаны абахә ҿабганы иаауеит, 150-200 метра аҭбаара аԥхьа иҟан, 400 метра рҟынӡа ыҟоуп шьҭа. Амҩа сымаӡам, лашарада хәымш раҟара стәан, иахьа аҷкәынцәа сыцхрааит. Афымцалашара аазго ашьаҟақәа хыжәжәеит адгьыл анҳәаза. Амҩа акәзар, ҟаҵашьа амаӡам. Ҳабацәа рынхара кажьны ақәҵра цәгьоуп уазхәыцыр, аха ари аҭагылазаашьаҟны ҳақәҵыр акәхоит. Ҩ-ҭаацәарак рыҩнқәа ирхыҵхьеит, ҳаргьы уажәы-уашьҭан ҳәа ҳаҟоуп. Аспециалистцәа ишырҳәаз ала, ара нхашьа ыҟаӡам", - иҳәеит Харчлаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҟны, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: