Аҳауагәаҭаҩцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы амш цәгьахоит ҳәа азԥхьагәарҭоит

Аиқәырхаҩцәа Шәача ақалақьуааи асасцәеи ирабжьыргоит рхы гәарҭаларц, рмашьынақәа аҵлақәа, аӡыргаратә ҭыӡқәа, еиуеиԥшым аконструкциақәа рыҵаҟа иаанырмыжьларц, ашьхацаразы рҽааныркыларц.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Аҳауагәаҭаҩцәа адырра ҟарҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны акырӡа амш шыцәгьахо, абри атәы аанацҳауеит аинформациатә портал Sochi24.

"Краснодартәи атәылаҿацә араионқәа реиҳарак рҟны ақәа, ақәабаа-сабаа, асы уҳәа ҭыԥқәак рҿы алышәшәақәа рыҽдырцәгьоит, раионқәак рҟны зынӡа иӷәӷәахоит. Ахәылбыҽха ақәабаа-сабаа леир ҟалоит, аҵаа хылар алшоит", - аҳәоит апортал аҟны.

Уахынла аҳауаԥхарра лаҟәуеит -6°С аҟынӡа, ҽынла иԥхарахоит +6°С рҟынӡа.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишазгәарҭо ала, жәабран 7 рзы ашьыжьи ҽынлеи Шәача ақалақь ақәа леир алшоит, ҭыԥқәак рҟны аҽарцәгьоит. Ашьхараҟны асыԥса алеиразы ашәарҭара ыҟазаауеит.

Шәача ақалақьтә маҵзурақәа зегьы русура дырӷәӷәеит.