Арадио

Делԥҳа: аҵаратә процесс еиҭахацыркхар, уи шымҩаԥгахо уахгьы-ҽынгьы ҳзызхәыцуа ауп

Аԥкрақәа рыҿҳәара аамҭа ахыркәшарахь инеиуеит, урҭ еиҭа иацрымҵар, иабанӡазыхиоу ашколқәа аҵаратә процесс аиҭахыцыркра, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аиҳабы Нонна Делԥҳа.
Sputnik
Делԥҳа: аҵаратә процесс еиҭахацыркхар, уи шымҩаԥгахо уахгьы-ҽынгьы ҳзызхәыцуа ауп

"Аҵаратә процесс аиҭахацыркразы алшара ҟалар, уи шымҩаԥгахо ҳара уахгьы ҽынгьы ҳзызхәыцуа зҵаароуп. Ҳара ҳашкол егьырҭ ашколқәа реиԥш ақалақьтә ҵараусбарҭа иаҵанакӡом. Иара ишиашоу аҵара министрраҿы иҟоу усҳәарҭоуп. Ҳара ҳашкол аилатәараҿы иазгәаҳҭеит, ҳашкол аҿы иҳамоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҳаҿыԥшны, ашкол аусура арежим ҿыц иԥсахны аусура ҳшалагаша. Уажәы аԥкрақәа еиҳагьы ируадаҩны, еиҳагьы ирӷәӷәаны иҟаҵоуп. Ҳара иҳауит аҵара аминистрраҟынтә ашҟәы, уи инақәыршәаны имҩаԥган аҭҵаара. Аҵаратә программа аклассқәа зегьы рҿы маҭәарцыԥхьаӡа аҩбатәи аҵарашықәсбжазы арҵаратә процесс хацыркхар, еихьӡашьас иаиуа аилкааразы. Имҩаԥган арҵаҩцәа реилатәара. Ишьҭыхын атематикатә планқәа. Аҵара шықәсык инеиԥынкыланы имҩаԥаҳамгацт ҳәа азыԥхьаӡан. Ҳтемақәа ҳрыхьӡо ҳархьымӡо еилкаатәын. Аҵаратә процесс хацыркхар, изаамҭанытәиу ааԥынтәи аԥсшьарамшқәа мҩаԥымгакәа, асабшеи амҽышеи аламҵакәа, аԥхынтәи амзақәа рашәарамза зегьы, ԥхынгәы азбжа налаҵаны, аҭагылазаашьа маншәала ҟалар, арҵаратә программа аихьӡара алыршара аиуеит ҳәа азыӡбан", - ҳәа еиҭалҳәеит Делԥҳа.

Иара убас, ашкол адиректор еиҭалҳәеит, апрограмма ахысра злалыршахо атәы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: