Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагратәи ашколқәа аҵаратә процесс алагара иахьынӡазхиоу атәы

© Foto / предоставила Мадина АжибаМадина Ажиба
Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит Гагра араион ашколқәа аԥкрақәа рнаҩс иаартхар, апандемиа аамҭа ҳасаб азуны аусура алагара иахьынӡазхиоу атәы.

Ажьырныҳәа 15 раахыс ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны иалагалаз аԥкрақәа инарыдҳәаланы ашколқәа аус руам.

Аԥснытәи ашколқәа шәкы аҵаратә процесс алагара иазыхиоуп иҳәеит ахашаҽны Аҳәынҭқарра ахада имҩаԥигаз аиҳабыра реилатәараҟны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа. "Аҵаратә процесс хәҭа–ҳәҭала алагара азԥхьагәаҭоуп, аԥхьа иааҳартуеит 150-ҩык иреиҳамкәа аҵаҩцәа ахьыҟоу ашколқәа. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҭышәынтәалар, егьырҭ ашколқәагьы ааҳартуеит. Актәи аетап аан шәкы рҟынӡа школ раартра азгәаҳҭоит", - иҳәеит усҟан аминистр.

Арадио Sputnik аефир аҟны Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа илҳәеит араион 18 школ рҟынтәи 7 рҿы 150-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа ҭоуп ҳәа.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ажьиԥҳа аԥкрақәа рнаҩс аҵара алагара атәы

"… убасгьы 300 – 400 ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ахьҭоу ыҟоуп, ҩ-школ заҵәык рҟны ауп иахьа 700- 800 ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа ахьыҟоу. Сгәаанагарала арҭ ашколқәагьы русура ахацыркразы аҭагылазаашьа рымоуп ҳәа. Урҭ ҩба-хԥа ҩналарҭа рымоуп, ахәыҷқәа еиқәмыршәакәа ашкол аҭааразы алшара ыҟоуп. Абри 150-ҩык ҳәа ахыԥхьаӡара хәыҷык адгылара асымҭозар ҟалап, избанзар ашкол шаҟа аихагыла амоу, акорпусқәа шаҟа ыҟоу зегьы ҭҵааны раионцыԥхьаӡа азнеира аҭахуп ҳәа сыԥхьаӡоит", - лҳәеит Ажьиԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0