Аԥсны араионқәа ҩба лашарада иаанхеит Урыстәыла аҵакыраҿы авариа ахьыҟалаз азы

Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиура иалагеит жәабран 11 раахыс, убри аан Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ажьырныҳәа 20 рҟынӡа ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара роуан.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гали Очамчыреи рраионқәа лашарада иаанхеит авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" арцәара иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиспетчертә маҵзура аиҳабы Гәырам Џьаџьаиа.

Жәабран 9 ашьыжь авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" ырцәан Урыстәыла аҵакыраҿы авариа ахьыҟалаз азы. Авариа амзызқәа макьаназ еилкаам.

Џьаџьаиа иажәақәа рыла, абри иахҟьаны Аԥсны афымцамч адефицит 40-50 мегаватт иҟоуп. Аусбарҭаҿы аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара алагалара иазхәыцуеит, авариа аҭыԥ иқәҵахаанӡа.

"Аграфик шьақәыргылам, аха аус адулара иаҿуп. Уажәы Очамчыра араион лашарала аиқәыршәара ҳҽазаҳшәоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиура иалагеит жәабран 11 раахыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: