Арадио

Ԥарулуа Бабышьра амимозашәҭ азы: ацитрус шәырқәа реиԥш пату ақәырҵоит анхацәа

Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭа ахада Леван Ԥарулуа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит рқыҭаҟны анхацәа раагарҭаҟны амимозашәҭ ҭыԥс иааннакыло атәы.
Sputnik
Ԥарулуа Бабышьра амимозашәҭ азы: ацитрус шәырқәа реиԥш пату ақәырҵоит анхацәа

"Макьана амимозашәҭ апытра иаҿуп, сара излазбло ала ианаамҭоу иҟалозар ҳәа ауп, иахьазы ус ишәҭны иҟаӡам. Ақыҭаҟны ҩнаҭацыԥхьаӡа 10-15 шьаҭа рымоуп, уи, хымԥада, ицхыраагӡоуп. Ацитрус шәырқәа рнаҩсгьы анхацәа раагарҭа ианыԥшуеит, аиашазы. Анхара иазааԥсо, ацитрус, егьырҭ ашәыр хкқәа шрымоу еиԥш, пату ақәҵаны еиҭарҳауеит. Насгьы уи арҟәдышьа амоуп, ишабалак иԥҟаны икаужьыр иааиуа ашықәс азы акгьы алҵӡом, акәамаҵамақәа амоуп", - иҳәеит Ԥарулуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.