Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ԥарулуа амимозашәҭ Бабышьраа рыхныҟәгараҟны ҭыԥс иааннакыло атәы
"Макьана амимозашәҭ апытра иаҿуп, сара излазбло ала ианаамҭоу иҟалозар ҳәа ауп, иахьазы ус ишәҭны иҟаӡам. Ақыҭаҟны ҩнаҭацыԥхьаӡа 10-15 шьаҭа рымоуп, уи, хымԥада, ицхыраагӡоуп. Ацитрус шәырқәа рнаҩсгьы анхацәа раагарҭа ианыԥшуеит, аиашазы. Анхара иазааԥсо, ацитрус, егьырҭ ашәыр хкқәа шрымоу еиԥш, пату ақәҵаны еиҭарҳауеит. Насгьы уи арҟәдышьа амоуп, ишабалак иԥҟаны икаужьыр иааиуа ашықәс азы акгьы алҵӡом, акәамаҵамақәа амоуп", - иҳәеит Ԥарулуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.