АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала жәабран 10 рзы Гурам Инаԥшьба Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс дахьыҟаз аҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аамҭала Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡалоит ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Ахада идҵала аполковник Гурам Инаԥшьба ихҵоуп изаамҭанытәиу амаҵзуратә хьӡы "аҳазалхратә маҵзура аинрал-маиор".
Гурам Инаԥшьба Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан 2019 шықәса, жьҭаарамзазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Инаԥшьба аҳазалхратә коллегиа аԥсышәала амҩаԥгаразы: сацәшәон