Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы даҭоуп

Гурам Инаԥшьба Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан 2019 шықәса жьҭаарамзазы, имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп жәабран 10, 2021 шықәсазы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13-Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс даиҭеит Оҭар Хьециа, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Гурам Инаԥшьба Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭыртәит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала жәабран 10 рзы Гурам Инаԥшьба Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс дахьыҟаз аҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәит. Аамҭала Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡон ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.

Ахада идҵала аполковник Гурам Инаԥшьба ихҵоуп изаамҭанытәиу амаҵзуратә хьӡы "аҳазалхратә маҵзура аинрал-маиор".

Оҭар Хьециа диит жәабран 19, 1965 шықәсазы, Гагра.

1982 шықәсазы далгеит Гагратәи абжьаратә школ №5, 1987 шықәсазы Харьковтәи атранспорттә техникум.

1984-1986 шықәсқәа рзы арра маҵзура дахысуан. 1996 шықәсазы далгеит Белоруссиатәи ААР Академиа.

1987 инаркны 2010 шықәсанӡа Аԥсны ААР аҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәа ныҟәигон.

2005-2010 Аԥсны ААР министрс дыҟан. Нанҳәа 12, 2010 шықәсазы инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Нанҳәа 2010 шықәса инаркны жьҭаарамза 2011 шықәсанӡа - Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. Жьҭаарамза 2011 шықәса инаркны жьҭаарамза 2014 шықәсанӡа - Аԥсны ААР министрс дыҟан.