Бжьаниа антиковидтә уснагӡатәқәа ҭакԥхықәрала ирықәныҟәаларц ааԥхьара ҟаиҵеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12106-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11765-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 193-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит ареспубликаҿы COVID-19 алаҵәара алаҟәрахь анеира ишаанамго ҭакԥхықәрада ари ачымазара азнеира ауеит ҳәа. Абри атәы иҳәеит иара аиҳабыреи араионқәеи ақалақьқәеи рхадарақәеи рԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнырӷәӷәеит асанитартә ԥҟарақәа

"Аҵаратә процесс алагара еиҳагьы ашәарҭадаратә нормақәа рықәныҟәара аҭахны иҟоуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа аилацәажәараҿы атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа далацәажәеит.

Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба иҳәеит аҵараиурҭақәа русура алагамҭаз иколлегацәеи иареи урҭ дырҭааны рҭагылазаашьа шгәеиҭоз.

"Иуҳәар ауп ҵараиурҭақәак рҟны азыҟаҵара аҩаӡара даара ишыҳаракыз. Иаабон асанитартә нормақәа зегьы ишрықәныҟәаз", - иҳәеит Делба.

Ахада аиҳабыра рлахәылацәеи аҳәынҭеилакқәа рнапхгаҩцәеи рнапы ианиҵеит ашколқәа хылаԥшра рырҭаларц, иаздырхиарц асиа дасу дызхылаԥшуа ашкол арбаны.

"Уи иаанаго аматериалтә цхыраара ҟаҵатәуп ҳәа акәӡам. Изхылаԥштәу асанитартә нормақәа ишрықәныҟәо ауп. Мызқәак абри арежим ҳақәныҟәалароуп. Апандемиатә проблема шааӡбахалак, ари аус хҳаркәшоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.