АҞӘА, жәабран 14-Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнырӷәӷәеит асанитар-епидемиологиатә ԥҟарақәа азеиԥшкрыфарҭатә обиектқәеи, акультуратә усҳәарҭақәеи, ахәыҷқәеи аҿари рзы еиҿкаау аҵарааӡаратә усбарҭақәеи рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәоуп Атәыла ахада иусԥҟа "COVID-19 аҟынтәи Аԥсны ауааԥсыра рыхьчаразы ауснагӡатәқәа" афбатәи апункт инақәыршәаны.
Хаз игоу асанитар-епидемиологиатә нормақәа рзалагалоуп азеиԥшкрыфарҭатә обиектқәа, акультуратә усҳәарҭақәа, ахәыҷқәеи аҿари рзы еиҿкаау аҵарааӡаратә усбарҭақәа.
Жәабран 15 инаркны азин ыҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи русура алагара, акаҳуажәырҭақәеи, ақьафурҭақәеи, акрыфарҭақәеи адәаҿы русура хацдыркыр рылшоит, атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультуратә ҩнқәа, аконцерти ацәыргақәҵатә залқәа русуразы азин ҟаҵоуп, амала асанитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи ирықәныҟәаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Асанитартә ҳақьым хада аколлективтә иммунитет ҟамлар ауеит ҳәа илыԥхьаӡоит
-
COVID-19 аҿагыларатә усмҩаԥгатәқәа 400 миллион мааҭ рҟынӡа ақәнарӡит Аԥсны