Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа акорпус хада ҩымчыбжь рыла аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аргылара нап аркын 2017 шықәса рзы Аинвестпрограмма 2017-2019 аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ихыркәшахараны иҟан 2019 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа акорпус хада ҩымчыбжь рыла аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит ҳәа лҳәеит ахәышәтәырҭа иаҭааз, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Озгани Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиеи, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Агрбеи Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиеи зыргылара иаҿу акорпус аҭагылазаашьа гәарҭеит жәабран 16 рзы.

Озган Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аргылара шцо даҭааны илбеит

Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа акорпус хада ҩымчыбжь рыла аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит ҳәа лҳәеит Кристина Озган.

"Аобиект аргылара ахыркәшарахь инеиуеит. Ҩымчыбжьҟа иагоит. Аҩнымаҭәа, амедхархәагақәа аагоуп. Урҭ аполиклиникатә корпус аҿы рықәыргылара иаҿуп" ҳәа лҳәеит Озган.

Ара аус руеит 40-ҩык. Ахәышәтәырҭа аҵакыра арԥшӡарагьы азыԥхьагәаҭан, аха аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны еиҳа ишьшьылаҳауп рымҩаԥысра.

"40-ҩык рҟынӡа аус руеит. Урҭ рхыԥхьаӡарагьы иацҵахоит. Иааидкыланы аусурақәа бзианы ицоит",- лҳәеит лара.

Кристина Озган аҽа ҩымчыбжь рышьҭахь аобиект даҭаараны дыҟоуп, аихьӡарақәа лбарц азы.

Нанҳәамзазы Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтырҭа даҭааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич. Усҟан иазгәаҭан араионтә хәышәтәырҭа хада аргылара аԥаразоужьра иацҵахоит ҳәа, апроект иарбам аҟәшақәа рыргыларазы. Аханатә аргыларақәа ирзоужьын 258 миллион мааҭ аԥара.

Ахәышәтәырҭаҟны 80 иараҭыԥ ҟалоит, урҭ Тҟәарчал араиони ааигәа иҟоу Очамчыреи Гали рраионқәа рқыҭақәа рынхацәа рыдкыларазы иазԥхьагәаҭоуп.