Озган Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аргылара шцо даҭааны илбеит

© Foto / Министерство экономики РАКристина Озган проинспектировала строительство ЦРБ в Ткуарчале
Кристина Озган проинспектировала строительство ЦРБ в Ткуарчале - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аргылара нап аркын 2017 шықәса рзы Аинвестпрограмма 2017-2019 аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ихыркәшахараны иҟан 2019 шықәса рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 4 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ажьырныҳәа 4 рзы даҭааны илбеит Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аргылара шцо. Абри атәы азгәаҭоуп Instagram аҿтәи лдаҟьаҿы.

Иазгәаҭоуп, аус шадырулаз раԥхьатәи апроект, уаҟа иарбамызт аморг, акрыфарҭа, аӡәӡәарҭа.

Раԥхьа еиқәыршәаз апроект ишарбаз ала, анормақәа ирықәшәомызт арентгентә аппарат аҩнаргыларҭа.

Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" Telegram-аканалаҿы икьыԥхьу авидеоҟны иубоит аусзуҩцәа апроект иарбамыз ахыбрақәа рыргылара ишаҿу. Аҵакырадгьыл аҿы иқәыргылоуп апрожекторқәа, дара уахи-ҽни, ҩ-сменакны аусура иацхраауеит.

Нанҳәамзазы Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтырҭа даҭааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич. Усҟан иазгәаҭан араионтә хәышәтәырҭа хада аргылара аԥаразоужьра иацҵахоит ҳәа, апроект иарбам аҟәшақәа рыргыларазы. Аханатә аргыларақәа ирзоужьын 258 миллион мааҭ аԥара.

Ахәышәтәырҭаҟны 80 иараҭыԥ ҟалоит, урҭ Тҟәарчал араиони ааигәа иҟоу Очамчыреи Гали рраионқәа рқыҭақәа рынхацәа рыдкыларазы иазԥхьагәаҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0