Аԥсны ААИ автомашьынаныҟәцаҩцәа агәҽанҵара рырҭеит амшцәгьазы

Уаанӡа Аԥсны АҶА адырра ҟанаҵахьан автомашьынаныҟәцаҩцәа ихараны аныҟәарақәеи амҩаҿ аццакрақәеи рыҽрыцәхьаркырц.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсны ААР Аҳәынҭавтоинспекциа автомашьынаныҟәцаҩцәа агәҽанҵара рырҭеит амш шыцәгьахои амҩақәа рықәҵаара ҟалар шалшо ази. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Аԥсны иахьаҵанакуа жәабран 16- 21 рзы ақәаршыҩқәа, ақәабаа-сабаа ҟалар ҟалоит, аҳауаԥхарра лаҟәуеит. Ареспубликатә мҩаду аҿы иқәҵаар алшоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Автомашьынаныҟәцаҩцәа ихараны аныҟәарақәеи амҩаҿ аццакрақәеи рыҽрыцәхьаркырц, амашьынақәа рыбжьара адистанциа ааныркылаларц рабжьыргоит.

Убри аан агәҽанҵара рырҭоит амашьынаныҟәцаҩцәа реиԥш ашьаҟауаагьы.