Жәохә шықәса зхыҵуа аӡӷаб дыӡит Гәдоуҭа

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра алаҳәара ҟанаҵеит аӡӷаб дахьыҟоу ҳәа акрыздыруа зегьы аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟарҵарц.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Диана Самава, 2006 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху амҩаҿы игылоу лыҩнаҟынтәи ддәылҵит жәабран 16 асааҭ 10:00 рзы, макьанагьы аҩныҟа дыхнымҳәыцт. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аӡӷаб агәилԥшшәы змоу акьаҿ лшәын, аџьынсқәеи аботинка еиқәаҵәақәа лышьан.

Жәохә шықәса зхыҵуа аӡӷаб дыӡит Гәдоуҭа

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра алаҳәара ҟанаҵеит аӡӷаб дахьыҟоу ҳәа акрыздыруа зегьы аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟарҵарц абри аҭел ала: +7 (840) 226-41-41 ма +7 (940) 920-20-95 ала, WhatsApp Telegram Messenger рахьгьы.