АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсны АҶА аҳәынҭқарратә былраҽацәыхьчаратә хылаԥшра аусбарҭа аҟазауааи Гәдоуҭа амцарцәареиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәеи Очамчыратәи амҩаҿы иҟалаз абылра ду аҭыԥ аҿы аусурақәа ирыцырҵоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп Аԥсны аиҳабыра ишазыхиоу амца иалаблыз рыԥсыбаҩқәа Урыстәылаҟа рнагаразы аусмҩаԥгатәқәа зегьы ахахьы иагар шалшо, уи азы адырра ҟарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭахь.
Гәдоуҭа ақалақь Очамчыратәи амҩаҿы игылоу ахатәы сасааирҭа амца шакыз азы АҶАхь адырра ҟалеит 17 сааҭ 10 минуҭ рзы. Амца зкыз асасааирҭа иалаблит 2018 шықәсази 2020 шықәсази ииз ахәыҷқәа.
Амцакра зыхҟьази аиҳабацәа асабицәа абылра иаҿыз аҩны изрыздәылымгази аилкааразы аусурақәа мҩаԥысуеит.
Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Баграт Боџьгәуа арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит амцакра ахьҟалаз ааха лоуит 20 шықәса зхыҵуаз аԥҳәызба, лара ашьапԥҵәа лыманы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит. Зынӡа иблыз асасааирҭа иҩнан х-ҭаацәарак.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гәдоуҭа ақалақь аҿы асасааирҭа амца акит, иалаблит ҩыџьа ахәыҷқәа