АҶА аҿы идырҵабыргит Гәдоуҭа ҩыџьа ахәыҷқәа амца ишалаблыз

© Sputnik Пожарная машина
Пожарная машина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа ақалақь аҿы жәабран 19 ахәылԥаз зымҽхак ҭбааз абылра ҟалеит, уи иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит.

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Гәдоуҭа амца зкыз асасааирҭа арцәараан иалыргеит 2018 шықәсази 2020 шықәсази ииз ахәыҷқәа рыԥсыбаҩқәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Пожар в Гудауте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Гәдоуҭа ақалақь аҿы асасааирҭа амца акит, иалаблит ҩыџьа ахәыҷқәа

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп Гәдоуҭа ақалақь Очамчыратәи амҩаҿы игылоу асасааирҭа амца шакыз азы АҶАхь адырра шыҟалаз 17 сааҭ 10 минуҭ рзы.

Амцарцәаҩцәа анааиз аамҭазы ахыбра аихагылақәа реиҳарак амца ркхьан ҳәа аҳәоит аусбарҭа иҟанаҵаз аинформациаҿы.

Амцарцәара иалахәын Гәдоуҭа ақалақь амцарцәаратә ҟәша агәыԥқәа хԥа.

Зыӡбахә ҳәоу асасааирҭаҿы инхон ахәыҷқәа змаз аҭаацәарақәа.

Уаанӡа амца ҩыџьа ахәыҷқәа шалаблыз атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит агәылара инхо аӡәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0