Аруаа рхәыҷқәа арратә госпиталь аҳақьымцәа ирыдныҳәалеит

Хырхарҭарацәалатәи арратә госпиталь Аԥсны аусура иалагеит жьҭаара 20 рзы. Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Ахәыҷтәы сахьақәа рконкурс "Арратә ҳақьымцәа ахәыҷы иблала" мҩаԥысит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Иреиӷьыз аусумҭақәа ҳамҭас ирыҭан Аҟәа иаарту Урыстәыла атәылахьчара иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа.

Аконкурс иалахәын шәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Аусумҭақәа ҭыхын еиуеиԥшым атехникеи аматериалқәеи рыла.

Аруаа рхәыҷқәа арратә госпиталь аҳақьымцәа ирыдныҳәалеит

Арратә медусзуҩцәа ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит арратә медусзуҩ изанааҭ атәы, акоронавирустә инфекциа ҿыц иаҿагыланы ишықәԥо атәы.

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит.

Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.

Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: