Арадио

Бигәаа еиҭеиҳәеит Гал араион ақыҭанхамҩаҿы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы

Гал араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Беслан Бигәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит апты аҟынтә ахәшәтәрақәа рымҩаԥгаразы аминистрра аҟынтә ироуз апрепаратқәа рхы иадырхәарц ргәы ишҭоу.
Sputnik
Бигәаа еиҭеиҳәеит Гал араион ақыҭанхамҩаҿы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы

"Гал иаҭоуп апты кыгақәа жәа-нызқь цыра. Араион иаҵанакуеит ақыҭақәа 18, дара зегьы ишаны ираҳҭап ҳәа иазыӡбоуп. Иаҳшоит иааиуа амчыбжь азы. Иҳарҭеит еиҭа 50 цыра ахәшәтәрақәа зламҩаԥаҳгаша амаругақәа. Ахәшә макьана иаҳмоуцт, шаҟа ҳаураны иҟоу сызҳәом. Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы адырра ҳарҭеит даргьы атракторқәа рыла ирхәышәтәырц ргәы ишҭоу. Егьыс ахәшә шҳаулак ҳамчқәа рыла аусурақәа хацҳаркырц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бигәаа.

Гал араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы иҳәеит уажәазы араион иҿы иҟоу атехника ацәаӷәаразы азыҟаҵара иаҿуп ҳәа.

"Ацәаӷәара аамҭазы дара зегьы еиқәыршәаны, ирхианы иҟазарц адҵа ыҟоуп. Ҳгәы иҭоуп амхқәа ахьыҟаз ахкаарақәа ррыцқьара. Атехникала араион хар амаӡамкәа еиқәшәоуп", - иҳәеит Бигәаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: