Барганџьиа еиҭеиҳәеит шаҟа кьыла апты рыдыркылахьо анхаҩцәа рҟынтә
"Иахьатәи амш иналаҵаны ҳара иҳадаҳкылахьеит 3100 кьыла. Абҵара 15 рзы ҳалагеит, ауаа ирылаҳҳәеит иҳадаҳкылоит ҳәа, х-раионк рҿы адкылара мҩаԥган: Очамчыра 1850 кьыла еизган. Гал - 640 кьыла, Тҟәарчал 610 -кьыла. Ҵыԥх ҳара иҳадаҳкылеит зынӡа 5400 кьыла, усҟан ааԥынгьы еизаҳгозгьы налаҵаны. Ари ҭагалантәи мацара ахьыԥхьаӡарақәа роуп. Аусурақәа рзы сынтәа иаҳзоушьҭуп 4 миллионк аԥара. Анхацәа макьана аизгара иаҿуп. Егьырҭ ашықәсақәа реиԥш ианеизыргалак адырра ҳарҭоит. Акомиссиа уи аҭыԥахь ицоит ирыдкыланы ирбылуеит", - еиҭеиҳәеит Барганџьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҵәыџьба Гал апты анырҵәаразы: ԥыҭк напыла еизганы, нас ахәшә ақәаҳҭәар, аҵыхәа ԥҵәахоит
-
Барганџьиа араионқәа рҿы апты аизгаразы: ахә шыҟац еиԥш иаанхоит