Аԥсны имҩаԥысуеит Владислав Арӡынба ибаҟа апроект азы аконкурс ҿыц

Амонументалтә ҟазараз Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥган жәабран 22 рзы ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Амонументалтә ҟазараз Аҳәынҭқарратә комиссиа Владислав Арӡынба ибаҟа апроект азы аконкурс ахь инагаз аусумҭақәа мап рыцәнакит, аконкурс ҿыц рыланаҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра асаит.

Владислав Арӡынба ибаҟа апроект аконкурс азы аекспозициа аадыртит

Амонументалтә ҟазараз Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥган жәабран 22 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

Жәабран 15 рзы ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит Владислав Арӡынба ибаҟа апроект аконкурс азы аекспозициа. Аекспозициахь инаган аусумҭақәа хԥа.

Иара убасгьы акультура аминистрра асаит аҿы онлаин-бжьыҭира мҩаԥган: жәабран 15 асааҭ 18:00 инаркны жәабран 21, асааҭ 12:00 рҟынӡа.

Аихшьаалақәа рзы аминистрра дырра ҟанамҵеит.

Владислав Арӡынба ибаҟа апроект азы аконкурс ҿыц амҩаԥгара аҿҳәарақәа макьаназ ишьақәырӷәӷәам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: