Цәеиԥҳа Владислав Арӡынба ибаҟа апроеткқәа рзы: авторцәа рыхьӡақәа маӡоуп
АрадиоИкьаҿу ахьарԥш аиура
84 0 0
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e5/02/10/1031844547.jpg
Sputnik Аҧсны
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
Sputnik
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
https://sputnik-abkhazia.info/radio/20210216/1031844363/Tseia-Vladislav-Arynba-ibaa-aproetka-rzy-avtortsa-rykhaa-maoup.html
Владислав Арӡынба ибаҟазы аконкурс аекспозициа аартын Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны. Аԥсны акультура аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ирма Цәеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иреиӷьу апроект алхразы онлаин бжьыҭара шымҩаԥысло атәы.
"Архитекторцәа рхаҭа дара рдунеихәаԥшышьа зеиԥшраз ала рыпроектқәа аарԥшуп, акритериақәа ҳәа акгьы иалкааны иҟамызт. Иҳадаргылаз аусумҭақәа рыхԥагьы ауаҩы ишәага иаҟараны иҟаҵоуп. Аусумҭақәа равторцәа рыхьыӡ аарԥшӡам, даара рыхԥагьы ирымоуп рхатә номерқәа, акомиссиа алахәылацәа абжьы зырҭоу авторцәа ракәӡам, дара аусумҭақәа рхаҭақәа роуп. Акомиссиа иалахәу амонументалтә ҟазара иадҳәалоу роуп. Иреиӷьу апроекттә усумҭа аилкааразы имҩаԥысуеит абжьыҭара акультура министрра аофициалтә саит аҿы, уи хыркәшахоит амҽыша асааҭ 12 рзы. Амонументалтә комиссиеи онлаин абжьыҭареи рҿы иаҳа аԥыжәара згаз апроект ала анаҩс абаҟагьы ргылахоит", - еиҭалҳәеит Цәеиԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ихадоу атемақәа

Ахәаша, жәабран 26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аӡымҩангагатә магистраль ҿыц иаҿаԥыршьуеит.
6

Ахәԥса аларҟәра алшеит ааглыхратә технологиа аоптимизациа азуралеи иара ахышәаҵышәа аизырҳаралеи.
3

Ииасыз ашықәс хәажәкырамзазы Шыцкәара аҳаблан адгьылҳәазара иахҟьаны амҩа ахәҭак ҭабгеит. Уи апроблема иахьа уажәраанӡагьы иӡбамкәа иаанханы иҟоуп. Абри атәы Sputnik аматериал аҿы.
3