Гагра ареспубликатә трассаҿы ахаҳәлеира иахҟьаны амашьына аахақәа аиуит

Ареспубликатә мҩаду 18-тәи акилометр аҿы жәабран 23 асааҭ 19:00 рзы ахаҳә леит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликатә мҩаду 18-тәи акилометр аҿы, Гагра араион Чагрыԥшь ақыҭа иахьаҵанакуа, жәабран 23 асааҭ 19:00 рзы ахаҳә леит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада ицхырааҩ Баҭал Берзениа.

"Ахаҳәлеираан автомашьынак аахақәа аиуит. Атранспорт аԥсҟы зкыз акгьы имыхьӡеит", - иҳәеит Берзениа.

Иара убасгьы иҳәеит амҩарыцқьара ишалархәыз араион акоммуналтә маҵзурақәа, атехника ҷыда. Амҩаҿ ауха аныҟәара шьақәыргылан.

Жәабран 23 асааҭ 19:00 рзы ахаҳә леины амҩа акит.