"Амшынеиқәафымцамч" 2,5 МВт зылшара ыҟаз акриптоферма аҿырхит

Акриптовалиута амаининг Аԥсны иахьаҵанакуа азин ыҟам 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26- Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" Очамчыра араион аҿы жәабран 24 рзы 2,5 МВт зылшара ыҟаз акриптоферма аҿырхит ҳәа аҩуеит АУН Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Аферма аадырԥшит Аԥсны ААР ОБЕП аусзуҩцәа Очамчыра ақалақь ажәбатәи араион ачаифабрика аҵакыраҿы.

Акриптофермаҿ аус руан 1900 аппарат, 2,5 мегаватт зылшара ыҟаз.

Аферма аҿырхит Аԥсны ААР ОБЕП, Очамчыра араион ААР, "Амшынеиқәафымцамч" аппарат хада русзуҩцәа.