АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 1958 шықәса рзы ииз апациент, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Апациент иизықәыргылаз адиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц ауп. Ахаҵа иԥсҭазаара далҵит жәабран 25 рзы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 44-ҩык, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 10-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу жәҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12788-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12169-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 198-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>