Цкәуа ирбаандаҩра азҵаара иахәаԥшраны иҟоуп аӡбаратә еилазаара ҿыц

Аслан Цкәуа ахара ихарарҵоит Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахьала ашьаусмҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, змаҵзуратә напынҵақәа зымчра иахызыҳәҳәаз ахаҿқәа дрыцхраауан ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарҭатә еилазаара ҿыц рахь инанашьҭит Аслан Цкәуа ирбаандаҩразы азҵаара аӡбараз. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Цкәуа ахара ихарарҵоит Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахьала ашьаусмҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, змаҵзуратә напынҵақәа зымчра иахызыҳәҳәаз ахаҿқәа дрыцхраауан ҳәа.

Жәабран 13 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара аднакылеит Цкәуа дырбаандаҩтәым ҳәа.

"2021 шықәса жәабран 13 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны аӡбарҭа аматериалқәа ирызхом А. Цкәуа ихарарҵо ацәгьоура шаҳаҭра азҭо, иара убасгьы иара ирбаандаҩразы адыррақәа", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа асаит.

Ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара закәаным ҳәа ишьаны иаԥнахит.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада аинформациала, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи, ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи, анаплакҩы Аслан Цкәуеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны Цкәуа хнырҳәрада иҭан ареагентқәа, ареспубликатә биуџьет аԥарақәа - 1 262 456 мааҭ рыхә ала иаахәаз. Ареагентқәа ахәышәтәырҭа апациентцәа алабораториатә маҵзурақәа рзымҩаԥгаразы ахә ахыршәаар акәын.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара ауаажәлар рахь аҳәамҭа ҟарҵеит

Жәабран 15 рзы имҩаԥган аҳәынҭқарратәи азинтәи политиказ апарламенттә еилакы аилатәара, Гәыргәлиеи Воубеи раанкыларазы азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьаз ареспублика амедицинатә еилазаара атәыла ахадеи Апарламенти рахь ашәҟәы анынарышьҭ ашьҭахь.

Иара убри амш азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы иазыӡырҩын Апполон Гәыргәлиеи Георги Воубеи рдукатцәа рышшыԥхьыӡ, Апрокуратура хада аусҭҵааҩ Наур Қриа ашьаус хацырктәуп ҳәа идикылаз ақәҵара аганахьала.

Жәабран 19 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, Екатерина Ҭырқьԥҳа зхантәаҩраҿы дыҟаз, Апполон Гәыргәлиеи, Георги Воубеи, Аслан Цкәуеи рганахьала аусҭҵаара азакәаншьаҭа амоуп ҳәа азгәарҭеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: