Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара ауаажәлар рахь аҳәамҭа ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница.
Республиканская больница.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рнапынҵатә мчрақәа ирхыҳәҳәеит ҳәа агәҩара ыҟоуп. Апрокуратура хада абри азы аусҭҵаара хацнаркит.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала ихацырку ашьаус азы ауаажәлар рахь аҳәамҭа ҟарҵеит.

"Сганахьала ашьаус хацыркуп "ахатәтәреи аныхреи" рыхәҭаҷ ала, схаҭыԥуаҩ ари ацәгьаҟаҵара мчыла садигалеит ҳәа азыԥхьаӡаны. Иазгәасҭар сҭахуп, сара хаала акә, мчыла акә ацәгьа зурҟаҵар ауа аӡә сакәым", - ҳәа иҳәеит "Абаза-ТВ" аефир аҿы Аполлон Гәыргәлиа.

Иара иажәақәа рыла, ашьаус ҵаҵӷәыс иамоу – Ареспубликатә хәышәтәырҭа алабораториеи еиҭеиҿкаау "Савитар" аусзуҩцәа еиҿыркааз алабораториеи реимак ауп. Гәыргәлиа ишиҳәо ала, аимак ахы акхьан 2016 шықәсазы, иара ихаҭа Апарламент адепутатс даныҟаз аамҭазы.

"Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аус зуанаҵы ари азҵаара аӡбара сҽазысшәон. Аамҭа ишаҳнарбаз аиԥш, бзиарак ҟауҵар уҭаххаргьы, уи уахьзырхәуа мышкызны ицәырҵуеит. Аҳақьым изанааҭ еиԥш, апрокурор изанааҭгьы аҭакԥхықәра ду адуп ауаа рлахьынҵа аԥымҽразы. Ари сара ҳақьымк иаҳасабала адагьы, абык, абдук иаҳасабала исҳәоит. Агәра згар сҭахуп аҳәынҭқарратә мчрақәа аус иашала иазнеип ҳәа. Исҳәар сылшоит сыламыс аҿаԥхьа сыцқьоуп, аӡәы итәы сымгацт ҳәа. Уи акәым, лафынгьы абас рҳәалоит, "хәыда-ԥсада аоперациа ҟазҵар зҭаху Гәыргәлиа иахь шәнеи" ҳәа", - азгәеиҭоит иара.

Аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иазгәеиҭеит аӡәы ацәгьаршра иирҟаҵазшәа ма Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахыбра арендла аҭиразы аилаӡара мчыла аӡәы инапы иаҵаирҩызшәа, ахԥатәи ахаҿқәа  ареактивқәа риҭазшәа, Аполлон Гәыргәлиа мчыла ацәгьоура ирҟаҵаразы абџьар ихы иаирхәазшәа ихарарҵо акгьы ҵаҵгәык шамам.

Иара иҳәеит инапы иану ахәышәтәратә процесс аиҿкаареи имҩаԥырго аҭҵаарақәа рхаҭабзиара ахылаԥшра аҭареи шракәу.

"Сара мап ацәыскуеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аматериалтә аиԥш аҽа ԥхасҭак аҭараҿы салахәуп ҳәа ирҳәо. Сыԥсҭазаара зегьы, ҳақьымк, тәылауаҩык иаҳасабала ҳмедицина ашьҭыхра иазкуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Воуба дақәшаҳаҭым Апрокуратура хада ахымҩаԥгашьа, аусҭҵаараан апроцессуалтә еилагарақәа ыҟан ҳәа ишьаны.

Иара атәыла ахада иахь аҳәара ҟаиҵеит Апрокуратура хада ахымҩаԥгашьа ахәшьара аиҭарц, амедицинатә еилазаара апрофессионалтә ҳаҭыр, ахьӡ-аԥша ладырҟәит ҳәа иԥхьаӡаны.

"Сганахьала иныҭкааны, инарҵауланы, аобиектив ҟазшьа аманы аусҭҵаара амҩаԥысра сашьҭоуп. Хаҭала сара сақәшаҳаҭуп аус зуа Аԥсны азакәанԥҵара сықәныҟәаны иахәҭоу ацхыраара абри аус аҿы аҭара", - ҳәа иҳәеит Воуба.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада аинформациала, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи, ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи, анаплакҩы Аслан Цкәуеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны Цкәуа хнырҳәрада иҭан ареагентқәа, ареспубликатә биуџьет аԥарақәа - 1 262 456 мааҭ рыхә ала иаахәаз. Ареагентқәа ахәышәтәырҭа апациентцәа алабораториатә маҵзурақәа рзымҩаԥгаразы ахә ахыршәаар акәын.

Жәабран 15 рзы имҩаԥган аҳәынҭқарратәи азинтәи политиказ апарламенттә еилакы аилатәара, Гәыргәлиеи Воубеи раанкыларазы азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьаз ареспублика амедицинатә еилазаара атәыла ахадеи Апарламенти рахь ашәҟәы анынарышьҭ ашьҭахь.

Иара убри амш азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы иазыӡырҩын Апполон Гәыргәлиеи Георги Воубеи рдукатцәа рышшыԥхьыӡ, Апрокуратура хада аусҭҵааҩ Наур Қриа ашьаус хацырктәуп ҳәа идикылаз ақәҵара аганахьала.

Жәабран 19 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, Екатерина Ҭырқьԥҳа зхантәаҩраҿы дыҟаз, Апполон Гәыргәлиеи, Георги Воубеи, Аслан Цкәуеи рганахьала аусҭҵаара азакәаншьаҭа амоуп ҳәа азгәарҭеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Адепутат Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахьала аус ҭиҵааит

Ажәабжьқәа зегьы
0